habar_news

Апартаменқәа рыҭиразы азакәан рыдрымкыларц азы Аҧсны асуверенитет ахьчаразы акомитет еиҿнакаауеит аштаб.

Ҳаҭыр зқәу Аҧсуа Жәлар!

Ҳаҭыр зқәу Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа!

Иахьатәи Аҧсны ахадара рыгәҭакыцәҟьа анагӡара иалагеит - Ҳаҧсадгьыл аолигархцәа ираадырхәарц рҭахуп!

20-тәи ашәышықәсазы аҧсуаа зхәаҽуаз "Абхазпереселенстрои" (ақырҭцәа Аҧсны иааганы рнырхара) аҩбатәи ахәҭа 21-тәи ашәышықәсазы Аҧсны ахадара рнапала инарыгӡарц рыӡбеит, хьӡысгьы иамоуп АПАРТПЕРЕСЕЛЕНСТРОИ!

Жәанызықьҩыла атәым милаҭқәа рхаҭарнакцәа ааганы, ҳадгьылқәа рҿы иргылахо аҩнқәа рҟны ауадақәа дыраахәаны, хаҭалатәи ахатәрахьы рыҭара рҽазҧыршәоит!

Иаҳирбеи иахьатәи Аҧсны ахада ари ашьаҿала?

· Ҳхыҧхьаӡара ацҵара аҵынхәрас, ҳхыҧхьаӡара зырӡуа дашьҭоуп!

· Ҳџьынџьуаа рырхынҳәра ацынхәрас, атәым милаҭқәа дрышьҭоуп!

· Ҳбызшәеи ҳҵасқәеи рырӷәӷәара ацынхәрас, урҭ зхәаҽуа драҧхьагылоуп!

Иахьа иҟалаз ахҭыс - Аҳәынҭқарра ахада иҟнытә Жәлар Реизарахь инашьҭыз Апартаментқәа рыҭира азакәан апроект иҳанаҳәо акзаҵәык ауп: Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ижәлар дырҿагылеит!

Уи иаанагоит, иахьа уажәраанӡа Аҧсны аӷацәа имҩаҧыргоз аус иара иациҵарц шиӡбаз!

Убри аҟнытә, Аҧсны Жәлар Реизарахь Ааҧхьара ҟаҳҵоит, иааиуа Жәлар Реизара аилатәараҿы ишьҭырхырц - Аҧсны Ахада закәанла ҧхьатәара ишьҭразы азакәан апроект ҿыц, даҽакала иуҳәозар аимпичмент азы азакәан.

Аҧсуа жәлар ринтересқәа ирықәымшәо, атәылеи ажәлари рыҿиара иаҧырхагоу - Апартаментқәа риҭиразы азакәан здызкыларц зҭаху Аҳәынҭқар ашьауӷа дақәыршәатәуп, зыжәлар ар рҿазыргыло Аҳәынҭқар имаҵзура аанимыжьыр ада ҧсыхәа ыҟаӡам!

Иаарласны, Аимпичмент азы азакәан ҳадкыланы, Аслан Бжьаниа имаҵзура дамхымзар, ҩаҧхьа Аҧсны иҟамлар залшом аиҿагыларра ӷәӷәа. 2004 шықәсеи, 2014 шықәсеи, 2019 шықәсеи рзы иҟаз аҭагылазаашьақәа раҵкыс иахьатәи аҭагылазаашьа акыр иеицәоуп.

Жәлар Реизара ахахьы иагароуп Аҧсны аҭышәынтәалареи аҭынчреи рышьақәыргылара!

Убри аамҭазы, Жәлар Реизара Аҳәынҭқарра ахада иполитика анагӡара иақәшҳаҭхошәа аабар, Аҧсны иаҿагылоу Апартаментқәа рзы азакәан иалацәажәаны аилатәарахьы инарышьҭыр, ҳара - Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитет ахьчаразы ахеилак Аҧсны Жәлар зегьы рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит, ҳамч-ҳалша зегьы ҳхы иаҳархәоит изакәаным ари ашьаҿа аанкыларазы!

Шәақәҳаргәыӷуеит иҧшьоу ари аус аҿы хьаҵра шыҟаҳамҵо!

Апартаменқәа рыҭиразы азакәан рыдрымкыларц азы Аҧсны асуверенитет ахьчаразы акомитет еиҿнакаауеит аштаб.

Аҧсны асуверенитет ахьчаразы акомитет.

Рашәарамза 20, 2023ш..