Н. Лагуа апартаментқәа ирызкны Аҟәа имҩаԥысыз аизара дуаҿ иажәахә
Ҳаҭыр зқәу ҳажәлар!
Ишдыру еиԥш, жәытә-натә аахыс аԥсуаа знысны ииауа амҩа, акыр шәарҭара иҭанаргылахьан. Уи, ааха дуқәа шырнаҭозгьы, иҟарҵалак рхы еиқәырханы, иахьа уажәыраанӡа иааргеит. Аха иахьа, Аԥсны иамоу ахақәиҭра, ахьԥшымра инагӡаны агәра ззымго аԥсуаа ҟало иалагеит умҳәозар. Уи аҩыза агәаанагаратә «идеологиа» аныԥшуа иалагеит иахьатәи аиҳабыра ԥыҭҩык рхәыцшьа. Ари даара ишәарҭоу ҭагылазаашьоуп.
Ҳауаажәлар рыбжьара еиҳараӡак агәынамӡара зхылҿиааз «апартаментқәа» рызҵаара иаҵаҵәаху амаӡақәа, «авантиуратә» ҟазшьа рымоуп.
Уи иаанаго – ҳажәлар рполитикатә мҩа ахырхарҭа (авектор) шьаҭанкыла аԥсахра акәзар? Абрантә акәзар зегь ахьынтәалаго? Ара, аекономикатә зҵаарақәа зынӡа ҭыԥ рымамзар?
Ус акәымзар, нас иаанагоузеи уаанӡа иҳадыргалахьаз - «анхарҭатә ҭыԥқәа рыҭира мап ҳҳәахьан, аригь мап ацәаҳкыр ҟалаӡом» ҳәа, иҟоу ацәажәарақәа. (вопрос продажи жиля иностранным гражданам).
Очамчыреи, Тқәарчали араионқәа ирықәынхо ҳауаажәлар шәхаҵкы! Зегь ҳгәаҳҽанызароуп ари азҵаараҿ.
Аԥсуа ҳәынҭқарра аԥшьызгаз апатриотцәа рыгәҭа игылаз, шәара иахьагьы даҽазнык шәыбжьы шәыргароуп. Еилышәкаароуп аиаша ахьыҟо. Аԥсуа ҳәынҭқарра, аԥсуа идоуҳаи имчи агәылазароуп. Аԥсуа идоуҳа зырмаҷуа, мамзаргьы ихызшьаауа иарбанызаалак аполитикатә хәмаррақәа ҳара ҳҿы ҭыԥ рымамзароуп. Ҳара дарбанызаалак амилаҭ пату рықәаҳҵоит, урҭ ҳаҭырлагь ҳарзыҟоуп. Аха, ҳара ҳҳәынҭқарраҿ ҳара ҳаԥшәымацәазар ҳҭахуп. Аԥсуа ҳәынҭқарра – аԥсышәала ицәажәозароуп. Аԥсышәала инагӡаны иахьанӡа иахьҳазмырцәажәац акәзар ҟалап абарҭ ҳаилибамкаарақәа еиҳарак изыхҟьо. Избанзар, аԥсышәала амцәажәара, аԥсыуала амхәыцроуп иаанаго. Аԥсуала амхәыцра аԥсуа ҳәынҭқарра амаҵ азуӡом.
Ҳара ҳажәлар, миллионҩыла иҟоу амилаҭқәа рыбжьара рхы мырӡкәа, аибашьра хлымӡаах иаиааины, ҵарала, баҩхатәрыла, культурала аӡәгьы иеицәамкәа иааиуеит. Иҳамоуп зыхьӡ- зыԥша ҳараку ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аҟазацәа дуқәа, аспортсменцәа. Аха, урҭ ражәа макьана акы ылнадоу, идеологиала Аԥсуаа ҳаидызкыло акы акәны иаҳзыҟамҵеит иахьа уажәыраанӡа.
Уажәшьҭарнахыс, абри иазхәыцтәуп. Аԥсуа ҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа аӡә иаанда ҳалаишышуа азин иаҳамҭароуп. Иааит аамҭа даҽазнык аԥсуа жәлар раԥхьа игылан, аԥсуа интеллигенциа иреиуоу апатриотцәа еиҭа рҿахәы анырҳәаша! Урҭ амҩа раҳҭароуп, ҳрыдгылароуп.
Аҿыц аамҭа - аҿыц знеишьақәа. Ҽазнык аҽарҿыцроуп ҳмилаҭ политика. Аԥсуареи, аԥсуеи рыфҩы зхым иарбанызаалак ҳара ҳашҭаҿ ус амамзароуп. Иазхоуп ахыларҟәра, амҵақьақьара, атәы (раб) иеиԥш ахымҩаԥгара.
Аԥсны - Аԥсуа ҳәынҭқарра иныҟәнаго, зегь раԥхьаӡа игылазароуп - аԥсуа милаҭ ринтересқәа зыхьчо аполитика. Ари нахысгьы, ари программан иҟалароуп. Амилаҭ ҳәынҭқарра аҟаҵара иаԥырхаго аҭагылазаашьа аԥызҵо, азакәандгыларақәа, мап рцәаҳклароуп есымшагьы. Аҵара, ааӡараҿы иҟазароуп аԥсуара адоуҳа зло апрограммақәа. Амилаҭ ҳәынҭқарра иахагылазароуп амилаҭ ринтересқәа нагӡаны изыхьчаша, ҵарадыррлагь, доуҳалагь иазыҟаҵо ауаа.
Аԥсуаа есымшагь ианшәарҭаз аамҭаз аидгылара аадырԥшуан, «Кьараз» ҟарҵон. Иахьагьы ҳаидгылароуп.
Сара агәра згоит, аиҳабыра анапхгараҿгьы ишыҟоу абас ихәыцуа ауаа. Урҭ дареи, ҳареи еилых ҳамаӡам. Ҳазегь ибзиан иеилаҳкаароуп, ҳара ҳаиқәзырхо аидгылара заҵәык шакәу.
Ажәлар сырзеилымкааит ҳәа, ргәаӷ укыр ҟалаӡом. Насгьы уара уанҳәынҭқару иулшозароуп алаба ахи аҵыхәеи ахьыҟоу аилыргара. Ус узыҟамҵозар, наҟ уаҳра шьҭоуҵар иаҳа иеиӷьуп. Ажәлар урзыӡырҩыр, дара ииашоу амҩа уқәырҵоит. Иатәоумбар, амшын ухырҭәҳәалоит. Абри анапхгаҩцәа зегьы ирдыруазароуп.
Аԥсуаа зышша зыӷраԥҽыз аҽы ҳаҩызашәтәыр ҟалаӡом. Ажәлар рыхьӡала шәанцәажәоугьы, ахара (как провинившийся) зду аӡә иеиԥш, шәхы ларҟәны акәымкәа, шәыжәлар шәырзыгәдуны, шәхы шьҭыхны шәцәажәалароуп. Иҳамам-иҳахӡым ҳәа шәнаԥш-ааԥшуа акәымкәа. Зҭоурых ҵаулоу аԥсуа жәлар рыхьӡала ацәажәара азин шәызҭо «амандат» бираҟ ҳаракны ишәкызароуп.
Аӡәы иҿаԥхьагь ахыларҟәра азин аԥсуа имаӡам. Егьа ҩысҭаара шәыҵаргаларгьы, шәыжәлар ргәеисыбжь шәазыӡырыҩлароуп.
Акьаҿ хәыцра ҟалаӡом. Ҳаиҳабыра шәхаҵкы! Сҩызцәа! Шәрызхәыц, ҳхәыҷқәа наҟ-наҟтәи рԥеиԥш, шәрызхәыц амҳаџьырқәа.
Аԥсуаа ирҳәоит: «Абылра иацәшәаз, аӡыршы дҭаԥалон» ҳәа. Убас ҳахьыр ҟалоит абри цқьа ҳазымхәыцыр.
Зегь раԥхьаӡа, ҳбызшәеи, ҳдемографиеи шьаҭанкыла изыԥсахуа апроект иадгыло ауаа роуп сара исзеилымкаауа.
Абри аҩыза ҳадызгало ауаа, иарбан еканомикоу излацәажәо? Ҿаҵак иҟам Аԥсны – «иқәынхо ҳмаҷцәоуп, ауаа рацәаҩны иаҳҭахуп» ҳәа, ажәа зҳәо ишәыхьызеи шәанаџьалбеит! Абри азы акәызма алхрақәарҿ ҳазшәывагылаз?..
Ақалақьқәарҿ, ахәыҷқәа актәи аклассахь инеиуа, аԥсуа сектор мап ацәыркуа иалагахьеит. Ишәмаҳаӡаци абри аҩыза аҭагылазаашьа шыҟоу?! Уара шәхәыҷқәа, шәмаҭацәа ирҳәо абызшәа шәмаҳаӡои аҩны?! Абри аҩыза атрагедиатә ҭагылазаашьа ҳбызшәа ианамоу, амилаҭ рыҟазаареи-рыҟамзаареи ахықә ҳанхықәгыло, иҟашәҵо иаанаго шәазхәыци цқьа.
Жәлар рдепутатцәа шәхаҵкы! Апроект авторцәа - шәнапала ашьшьыҳәа наҟ иаанышәкыл амилаҭ ықәызхуа «шәыпроект»! (Аӡә дшәымжьар амуазар, убри аҩыза апартаментқәа «рлакә ссир» ажәлар рахь ицәырымгакәа, аҩны шәҭаацәа ирзеиҭашәҳәала, шәгәы анҿыӷьуа).
Ижәдыруазааит, иахьа «шәыпроект» иадымгылаз ҳҵеицәа зегьы урыстәыла иаҿагылоушәа, иҽеим ахьӡ ахьрхышәҵо, аӡәгьы ишшәанаимыжьуа.
Убри афакт, ҳара иҳанаҳәо рацәоуп.
Изхашҭхьо иргәалаҳаршәар ҳалшоит, 1977-1978-тәи ашықәсқәа рзы, ҳаинтеллигенциа рхадараҿы игылаз алидерцәа «А-Обком» абиуро аҿы иқәыргылан рцәа анырхырхуаз атәы. Усҟангьы «ҳиашоуп» ҳәа, зхы зыԥхьаӡоз «аԥсуаа» ҳмаҵурауаа ракәӡамзи, ҳҵеицәа хазынақәа ирықәыӡбоз?!
Иаҳгәалашәоит, иара убас, амилаҭ зҵаара азықәԥаҩцәа 130- рнапы зҵарҩыз ЦК КПСС ахь ирҩыз ашәҟәы иаҿагылан иқәгылаз ауаа рыхьӡқәа. Иаҳгәалашәоит, аибашьра ианалагаз аҽны Владислав Арӡынба иҿагылан, «ҳнапы шьҭаҳхыроуп» ҳәа, иқәгылаз ауаа зусҭцәо. Аха уи аҭоурых иаҳҭахьеит, ҳалацәажәаӡом ҳамҳәахьеи!.. Ус шаҟа?
Шәара ус шәгәы иаанагоума, зегь ԥарала иуҭир–иааухәар ҟалоит ҳәа? Шәгәы шәамжьааит!..
Ажәлар шәхаҵкы!
Иахьа ҳазҭагыло аамҭаҿгьы, ижәдыруазааит анкьа еиԥш, иахьагьы ишыҟоу, зыԥсадгьыли зыуаажәлари зхы рықәызҵо, шәзымҭиуа аԥсуа ҵеицәа. Шәрывагылар, рыгәра жәгар шәзымҭиуа ауаа, убасҟан, иҳалшоит ҳусқәа зегьы даҽакала рҳәаақәҵара. Ҳхы пату ақәаҳҵар, атәымуаагьы пату ҳақәырҵо иалагоит. Ҳхы лаҳарҟәыр,зегьы ҳладырҟәлоит…
Ҳара агәра ҳгоит, ҳаԥсуа жәлар рдоуҳа. Агәра ҳгоит, даҽазныкгьы аидгылара шҳалшо.
Аиаша -апартаментқәа ирҿагылаз рганахь ауп иахьыҟоу. Аиаша- аиааира амгар ҟалаӡом!
Иџьоушьаша, Аҳәынҭқарра ахада Бжьаниа А. ГЬ. абри аҟара ажәлар зықәшаҳаҭым апроект, еиҭа иахьа дадгылан Урыстәылатәи ателеканал аҿы иҟаиҵаз аинтервиу ауп.
Даҽа ҳәынҭқарракаҿ, Ахада дықәгылан ижәлар рӷьырак дырзашшуа - ари аҩыза апрецендент ахаан иҟамлаӡац. Ари ҳара аԥсуа интеллигенциа, иҳавагыло Аԥсны афырхацәеи, ахаан ианаҳажьӡом.
Ҳара ааԥхьара ҟаҳҵоит, абри азҵаара, знапы ианыз апарламент комитет, ицәырызгаз адепутат Р. П. Зантариа аԥхьа днаргылан, апарламент ахантәаҩы Ашәба Л. Н. ишиҳәаз еиԥш, наҟ ирхынҳәны рыкәа иҭарҵарц.
Анаҩсан: Ажәалагала ҟаҳҵоит наҟ-наҟ азы, апартаментқәа ирызку азакәан апроект, уаҳа ахааназ ахәаԥшра ҟамло ишьақәзырӷәӷәо азакәан аднакыларц Жәлар реизара – Апарламент.
Нагӡара рықәзааит аԥсуа жәлар!
Нагӡара ақәзааит Аԥсынра!
Н. Ҷ. Лагуа, Апартаментқәа ирызкны, Аҟәа имҩаԥысыз аизара дуаҿ ажәахә.
Аҟәа, ԥхынгәы 26, 2024ш.